Апарадтә гәыԥқәа рыиасра иара убас рхы аладырхәит: атәылахьчара Аминистрра абираҟтә гәыԥ, атәылахьчара Аминистрреи Арбџьармчқәа рыштаб Хадеи русбарҭа ашьаҟауаа рыраанеишьҭагылақәа, артиллериатә гәыԥ, амотохысратә баталион аруаа, иара убас Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра иатәу 7-тәи арратә база ашьаҟауаа рыраанеишьҭагыла, Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә отриади Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә ахьчаратә Маҵзуреи хаҭалатәи реилазаарақәа, Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура, Аҟәатәи иҷыдоу аказакцәа рыҟәша, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Ирласны анырразы иҷыдоу аотриад, Иҷыдоу ахыдҵақәа рынагӡаразы Ацентр, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра, Аҟәатәи Иреиҳаӡоу Азеиԥш-дҵаҟаҵаратә Ҵараиурҭа, уҳәа егьырҭ ахылаԥшырҭақәа хаҭалатәи аилазаарақәа.