Аԥсны аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аиҳабы, аинрал-маиор Дмитри Дбар идҵа ала, Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аҟәшеиҵақәеи хаҭалатәи аилазаареи ирӷәӷәоу аусура арежим ахь ииагоуп. Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура хаҭалатәи аилазаара аҳәынҭқарратә шьақәгылареи ауаажәларратә шәарҭадареи ирҿагыло ацәгьоурақәа оперативла аҭак аҭара азы адҵа роуит.