Ҳаҭыр зқәу асасцәа раҳасабала аицлабра аартрахь инаҧхьан Аҧсны ахьчара Аҳәынҭқарратә маҵзура аиҳабы Дмитри Дбар, Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, амилициа аинрал-маиор Роберт Киут.
Атурнир рхы аладырхәуеит акомандақәа жәаба инареиҳаны. Убарҭ рхыҧхьаӡраҿы - аҩныҵҟатәи аусурақәеи Аҳәынҭмаҵзура ахьчареи ркомандақәа, ФСБ, ФСО, Шәача ақалақь амчратә усҳәарҭақәа ркомандақәа.
Иара убас асасцәа рхыҧхьаӡараҿ иҟоуп Краснодартәи атәылаҿацә ақалақь-курорт Шәача ахада Алексеи Копаигородски, агәыҧ "Динамо" Шәачатәи ақалақьтә еиҿкаара ахантәаҩы Сергеи Огурцов, амчратә усҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа