Aхаша, 18 Лаҵара 2022 09:57

АЗИНХЬЧАРАТӘ УСБАРҬАҚӘА РКООРДИНАЦИАТӘ ЕИЛАТӘАРА МҨАԤЫСИТ

Аҳҭнықалақь апрокуратура аҿы имҩаԥысит азинхьчаратә усбарҭақәа Ркоординациатә еилатәара. Уи рхы аладырхәит Аԥсны апрокурор Хада Адгәыр Агрба, арратә прокурор Руслан Ҭарба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба. Аҳәынҭқарратә Ахьчаратә Маҵзура аиҳабы  Дмитри Дбар, Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә  Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мсоусҭ Шамба.

Ирылацәажәеит ԥхынҷкәынмза 28, 2021 шықәсазы имҩаԥысыз азинхьчаратә Усбарҭақәа Ркоординациатә Хеилак аҿы ирыдыркылаз аӡбамҭақәа рынагӡара, аусеилыргаратә усбарҭақәа инарыгӡаз ашьаусҩаԥгаратә усура алҵшәақәа, иара убас азинхьчаратә усбарҭақәа роперативтә ҟәшеиҵақәа 2019 – 2021шш. аҭыԥ змаз акоррупциатә ҟазшьа змоу ацәгьоурақәа  раарԥшра, азаардырра, аусқәа раартра азы  инарыгӡо аоператив-ԥшааратә усура азы азакәанԥҵара анагӡара.

Иара убас, амшхәаԥштә иарбан 2021 шықәсазы атәым мал ампыҵакра, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаусмҩаԥгатә Закәанеидкыла аилагара инамаданы ихацыркыз ашьаусеилыргарақәа  рзеиԥшркра аихшьаалақәа рылацәажәара иадҳәалоу азҵаарагьы.

© 2024 АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА | ГОСУДАРСТВЕННАЯ СЛУЖБА ОХРАНЫ РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ