Aхаша, 16 Нанҳәа 2023 10:05

АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРАХЬЫ ҾЫЦ ИНЕИЗ АРУАА РЫԤСАДГЬЫЛ ШЫРЫХЬЧО АЗЫ ҬОУБА РУИТ

Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзурахьы ҿыц инеиз аҵаратә Центр аруаа Рыԥсадгьыл шырыхьчо азы аҭоуба ашьҭаҵара иадҳәалоу ацеремониеи мҩаԥысит.

Аԥсадгьыл шырыхьчо азы аҭоуба ашьҭаҵара мҩаԥысуан Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аиҳабы, аинрал-маиор Дмитри Дбар далархәны. Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзурахьы ҿыц инеиз аруаа зегьы аԥсышәала ҭоуба шьҭарҵеит.

Ацеремониа рхы аладырхәит иара убас амаҵурахьы ҿыц инеиз аруаа рыдҵаҟаҵаҩцәа, урҭ рҭаацәеи рҩызцәеи.

Иабжьгаратә ажәахә аҿы аинрал-маиор Дмитри Дбар, арратә ҭоуба ашьҭаҵара амш дарбанызаалак ахаҵа иԥсҭазаараҿы иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит ҳәа инаҵшьны иаазгәеиҭеит. 

«Аҩызцәа асолдатцәа, иахьатәи амш- шәыԥсҭазаара аҿы акырӡа зҵазкуа амшқәа иреиуоуп. Шәыдҵаҟаҵаҩцәа, шәҭаацәа, шәҩызцәа  ирбо-ираҳауа Шәара иахьа Шәыԥсадгьыл шәыуаажәлари рхақәиҭреи рхьыԥшымреи рзы хьыӡла-ԥшала арратә уалԥшьа анагӡара шалшәыршо азы ҭоуба жәуит. Агәра ганы ҳаҟоуп, Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа шәрылагыло, Шәара хьыӡла -ԥшала шәуалԥшьа шынашәыгӡо! Агәымшәареи агәаӷьреи раарԥшра шәазхиаз!», - ҳәа иҳәеит аинрал-маиор Дмитри Дбар.

Арратә ҭоуба аҟаҵара ашьҭахь, амаҵурахьы ҿыц инеиз аруаа шьаҿеиқә́шәала ииасит, реибашьратә зыҟаҵара, ацәаҳәақәгыларатә, аиҭақәыргыларатә лшарақәа аадырԥшит, ражәахьа рҳәеит, иара убас рыдҵаҟаҵаҩцәа ирырҭоз еиуеиԥшым арратә хыдҵақәа нарыгӡеит.

© 2024 АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА | ГОСУДАРСТВЕННАЯ СЛУЖБА ОХРАНЫ РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ