Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзурахьы ҿыц инеиз аруаа иҳараку аҩаӡара аадырԥшуеит еиуеиҧшым аусмҩаԥгатәқәа рҿы, аиҳабыратә хыбрақәа рҿаҧхьа аҳатыртә ҟарул мҩаҧыргоит.
Аҧсадгьыл азиашаразы ҭоуба руит Аҟәа, Гәылрыҧшь, Гәдоуҭа, Очамчыра араионқәа рҟынтәи ҿыц инарыҧхьаз.
Асолдатцәа зегьы ргәы бзиоуп, маха-шьахала иӷәӷәоуп. Урҭ рахьтә иҟоуп иреиҳау аҵара змоугьы.
"Абри амш инаркны ақәыҧш Иҧсадгьыл дахьчаҩҵәҟьаны даақәгылоит, амилаҭтә интересқәа ихьчоит" - иҳәеит ахьчара аҳәынҭқарратә маҵзура хаз игоу арота акомандир Рашьыҭ Ҭаркьыл.
Аиқәшәара хыркәшахеит хаҭалатәи аилазаара гәырӷьаралатәи аныҟәарала.