Aшәахьа, 02 Жьҭаара 2023 12:25

АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА АРУАА РЕИШЬҬАГЫЛА АҞӘА АҚАЛАҚЬ ИМҨАԤЫСЫЗ АПАРАД АҾЫ ШЬАҾЕИҚӘШӘАЛА ИИАСИТ

Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аруаа реишьҭагыла цәыббрамза 30 рзы имҩаԥысуаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра иазку Апарад ахы аланархәуеит.

Араанеишьҭагыла ахаҿы дгылан амаиор Рашид Ҭаркьыл.

Апарадтә гәыԥқәа рыиасра иара убас рхы аладырхәит: атәылахьчара Аминистрра абираҟтә гәыԥ, атәылахьчара Аминистрреи Арбџьармқәа рыштаб Хадеи русбарҭа ашьаҟауаа рыраанеишьҭагылақәа, артиллериатә гәыԥ, амотохысратә баталион аруаа, иара убас Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра иатәу    7-тәи арратә база  ашьаҟауаа рыраанеишьҭагыла, Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә отриади Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә ахьчаратә Маҵзуреи хаҭалатәи реилазаарақәа, Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура, Аҟәатәи иҷыдоу аказакцәа рыҟәша, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Ирласны анырразы иҷыдоу аотриад, Иҷыдоу ахыдҵақәа рынагӡаразы Ацентр, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра, Аҟәатәи Иреиҳаӡоу Азеиԥш-дҵаҟаҵаратә Ҵараиурҭа, уҳәа егьырҭ ахылаԥшырҭақәа хаҭалатәи аилазаарақәа.

© 2024 АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА | ГОСУДАРСТВЕННАЯ СЛУЖБА ОХРАНЫ РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ