Aмҽыша, 01 Жьҭаара 2023 18:30

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА АИҲАБЫ, АИНРАЛ-МАИОР ДМИТРИ ДБАР АВЕТЕРАНЦӘЕИ АМАҴЗУРА АУСЗУҨЦӘЕИ АИААИА АМШ РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ

"Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа, амаҵзура аусзуҩцәа!

Ишәыдысныҳәалоит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҟны Аиааира Амш!

Сынтәа ҳара Аиаара Амш 30 шықәса ахыҵра азгәаҳҭоит. Ари арыцхә Аҧсны аибашьра ҟалаанӡатәи аибашьрашьҭахьтәи аамҭа ҳәа еиҟәнашеит.

Кыр иаҧсоу аветеранцәа, шәара шәгәымшәара, шәыгәаӷьра, шәхаҵара нашанас иҟалеит ҳаҧсадгьыл азы.

Хыҧхьаӡарала акыр ишәеиҳаз аӷа ииааира шәылшеит. Шәара шәыбзоуралоуп иахьа Аҧсны аҳәынҭқарра злашьақәгылоу, аҭоурых адаҟьа ҿыцқәа злаатуа.

Шәара шәыбзоурала иахьа иҳамоу аҭынчра иааиуа абиԥарақәа ҳаҭырла ишрыдыркылоу агәра сгоит.

Агәабзиара, ақәрарацәа, агәырӷьара шәыцзааит! Аиааира амш шәадныҳәалаз", -  ҳәа иазгәаиҭеит адныҳәалараҿы аинрал-маиор Дбар

© 2024 АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА | ГОСУДАРСТВЕННАЯ СЛУЖБА ОХРАНЫ РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ