Aҧшьаша, 28 Цәыббра 2023 14:15

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА ХАҬАЛАТӘИ АИЛАЗААРА АХАҚӘИҬРА АШҬАҾЫ ИМҨАԤЫСЫЗ АПАРАД АРЕПЕТИЦИА ХАДА АХЫ АЛАНАРХӘИТ

Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура рыраанеишьҭагылақәа  цәыббрамза 30 рзы имҩаԥысуа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра иазку Апарад арепетициа Хада ахы аланархәуеит.

Араанеишьҭагыла ахаҿы дгылан амаиор Рашид Ҭаркьыл. Арепетициа амҩаԥысшьа гәеиҭон  Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аиҳабы, аинрал-маиор Дмитри Дбар.

Апарадтә гәыԥқәа рыиасра иара убас рхы аладырхәит: атәылахьчара Аминистрра абираҟтә гәыԥ, атәылахьчара Аминистрреи Арбџьармчқәа рыштаб Хадеи русбарҭа ашьаҟауаа рыраанеишьҭагылақәа, артиллериатә гәыԥ, амотохысратә баталион аруаа, иара убас Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра иатәу  7-тәи арратә база  ашьаҟауаа рыраанеишьҭагыла, Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә отриади Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә ахьчаратә Маҵзуреи хаҭалатәи реилазаарақәа, Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура, Аҟәатәи иҷыдоу аказакцәа рыҟәша, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Ирласны анырразы иҷыдоу аотриад, Иҷыдоу ахыдҵақәа рынагӡаразы Ацентр, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра, Аҟәатәи Иреиҳаӡоу Азеиԥш-дҵаҟаҵаратә Ҵараиурҭа, уҳәа егьырҭ ахылаԥшырҭақәа хаҭалатәи аилазаарақәа.

© 2024 АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА | ГОСУДАРСТВЕННАЯ СЛУЖБА ОХРАНЫ РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ