Aҩаша, 30 Нанҳәа 2022 12:38

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА АМЧРАТӘ СТРУКТУРАҚӘА АЛАРХӘНЫ АУСУРАТӘ ЕИЛАТӘАРА МҨАԤИГЕИТ

Аилатәараҿы ареспублика аҿы ишьақәгылаз акриминагентә ҭагылазаашьеи ацәгьоурақәа рыԥхьырҟәҟәаара азы ахырхарҭа иақәшәо аструктурақәа рыла имҩаԥгахо ауснагӡатәқәеи ирзааҭгылеит. 

Аиԥылара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Апрокурор Хада Адгәыр Агрба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба, аиустициа аминистр Анри Барцыц, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киут, Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аиҳабы Дмитри Дбар, Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Ахьиба.

 

© 2024 АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА | ГОСУДАРСТВЕННАЯ СЛУЖБА ОХРАНЫ РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ