Аилатәараҿы ареспублика аҿы ишьақәгылаз акриминагентә ҭагылазаашьеи ацәгьоурақәа рыԥхьырҟәҟәаара азы ахырхарҭа иақәшәо аструктурақәа рыла имҩаԥгахо ауснагӡатәқәеи ирзааҭгылеит.
Аиԥылара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Апрокурор Хада Адгәыр Агрба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба, аиустициа аминистр Анри Барцыц, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киут, Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аиҳабы Дмитри Дбар, Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Ахьиба.