Азыҟаҵарақәа ирылахәын аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра, Аҳәынҭқарра ахьчаратә маҵзурақәа, Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы еилархәу агәыԥқәеи УА Афедералтә Шәарҭадара Амаҵзуреи.
Аҳәынҭқарра Ахада аихшьаалатә цәаҳәаҿы ирыдиныҳәалеит қәҿиарала имҩаԥысыз азыҟаҵарақәа.
«Ишәыдысныҳәалоит қәҿиарала еицымҩаԥыжәгаз атеррористҿагыларатә зыҟаҵарақәа», - ҳәа уи алахәцәа ихы рықәкны иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аманиоврқәа рҿы ахархәара рызун акәылӡтәы техника, аснаиперцәа, аӡхәыҵалаҩцәа, ацхырааратә машьына ласы, амцарцәаратә машьынақәа.
Азыҟаҵарақәа раан имчыдатәын амшынтә баӷәаза аҵакыраҿы атҟәацәа аанкыланы изкыз ихыҭҳәаау адиверсиатә гәыԥқәа .
Ас еиԥш азыҟаҵарақәа мҩаԥысраны иҟоуп аҳауеимадара аҭыԥ аҟынгьы.
о порта.