Aхаша, 26 Жьҭаара 2022 12:20

АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АДЕПУТАТЦӘА АЛАРХӘНЫ АЗЫҞАҴАРАҚӘА МҨАԤНАГЕИТ

Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аусзуҩцәа Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа рзы азыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит. Ас еиԥш аԥшьгара ала амз алагамҭазы иқәгылеит ажәлар рҿахәы аҳәаразы иалырхыз ахаҭарнакцәа.

Аҳәынҭқарратә хьчаратә Маҵзура ахысразы аинструкторцәа адепутатцәа ирызнаргеит атеориатә хәҭа, анаҩс ииасит апрактикатә хысрақәа рахь. Азыҟаҵарақәа ахысырҭаҿы амцабџьар ала аибашьра азы аҽазыҟаҵара аҩаӡара ашьҭыхразы ихымԥадатәиуп.

Азыҟаҵарақәа рцашьа гәеиҭон Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аиҳабы, аполковник Дмитри Дбар. Уи ас еиԥш азыҟаҵарақәа аҳәынҭқарратә корпуси аҳәынҭқарратә маҵурауааи еиуеиԥшым аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа рҿы ахымҩаԥгашьазы хра злоу адыррақәа рыҭара иазырхоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеит:

«Иахьа ҳара адепутатцәа алархәны азыҟаҵарақәа мҩаԥаагеит, дара рхаҭа апрактикатә хысра, ҳарбџьармчқәа иахьатәи аамҭазы ирымоу абџьар ахкқәа рзы рдыррақәеи рылшарақәеи рыҩаӡара ашьҭыхразы азыҟаҵарақәа рылахәхаразы агәазыҳәара аадырԥшит. Аибадырреи атеориатә ҽазыҟаҵареи рышьҭахь ҳара апрактикатә хәҭа ахь ҳаиасит.  Ахыԥсаҟьаха, автомат, аснаипертә винтовка (СВД), атапанчақәа, уҳәа  еиуеиԥшым абџьар ахкқәа рыла ихысуан. Ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа излауа ала аамҭа-аамҭала имҩаԥаагалоит.

Анаҩс азыҟаҵарақәа ирылахәхараны иҟоуп Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аусзуҩцәа. Сара сгәаанагарала ари хра злоу аидеиа ауп.  Ҳара зегьы иаабоит иахьа адунеи аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа. Дарбанызаалак, иааникыло амаҵураҭыԥ иадҳәаламкәа идыруазароуп Иԥсадгьыл, ихатәы ҩны, иҭаацәа рыхьчаразы иҟаҵатәу»,- ҳәа иазгәеиҭеит Дмитри Дбар.

Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба, адунеи аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа ҳасаб азуны, ҳара иаалырҟьаны ишьақәгылар зылшо аҭагылазаашьақәа зегьы ҳҽазыҟаҵаны ҳаҟазароуп ҳәа иазгәеиҭеит.  Убри инамаданы адепутатцәа аибашьратә дыррақәеи рылшарақәеи рыҩаӡара ашьҭыхра азы аӡбамҭа рыдыркылеит.

«Ҳара ибзианы иаҳгәалашәоит 92-93-тәи ашықәсқәа рзы абџьар шьҭызхыр акәхаз  ҳаиҳабацәа иаҳдырҵоз зегьы. Ҳара ҳтәыла акәша-мыкәша лассы аҭычра шышьақәгыло азы агәыӷра ҳамоуп, аха уеизгьы хымԥада агәҽанызаара ааҳарԥшлароуп»,- ҳәа иҳәеит Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Ихаҭыԥуаҩ.

© 2024 АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА | ГОСУДАРСТВЕННАЯ СЛУЖБА ОХРАНЫ РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ