Aшәахьа, 07 Абҵара 2022 12:16

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА АУСЗУҨЦӘА АРЕЗЕРВИСТЦӘА АЛАРХӘНЫ АЗЫҞАҴАРАҚӘА МҨАԤЫРГЕИТ

Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аусзуҩцәа Аҟәеи Гәдоуҭеи рҟынтәи арезервистцәа рзы азыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит. 

Арратә ҽазыҟаҵарақәа рцашьа дахылаԥшуан Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аиҳабы Дмитри Дбар.

Арезервистцәа абџьар ахархәараҟны рԥышәа еиздырҳауан Алада Ешыра ахысрадәы аҿы. Инарҭбаау атеориатә инструктаж ашьҭахь урҭ аԥышәатә хәҭа ахь ииасит.

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан атәылауаа аибашьра разыҟаҵареи арратә ҽеизакра разхиазаара аиӷьтәреи рзы аусҩаԥгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аиҳабы Дмитри Дбар  иажәақәа рыла, ари аҩыза аҽазыҟаҵарақәа еиҳа алҵшәа рымоуп урҭ анымҩаԥысуа  аҭагылазаашьа аибашьратә ҟазшьа ананыԥшуа.

© 2024 АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА | ГОСУДАРСТВЕННАЯ СЛУЖБА ОХРАНЫ РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ