Aхаша, 05 Ԥхынгәы 2023 10:05

АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА ХАҬАЛАТӘИ АИЛАЗААРА ААМ АИҲАБЫ ДМИТРИ ДБАР ИИРА АМШ ИНАМАДАНЫ ИДНЫҲӘАЛОИТ

Ҳаҭыр зқәу Дмитри Сергеи-иԥа!

Азин ҳашәҭозар, Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аколлектив ду ахьӡала шәира Амш шәыдаҳныҳәаларц ҳҭахуп! 

Шәара занааҭдыррала шәус азнеира, шәхьаҳә-хьачарадара, шәеиҿкаара иабзоураны, напхгара зышәҭо Амаҵзура еиҳау аҩаӡараҿы анеира алыршахеит.

Шәара есыҽны, ААМ хаҭалатәи аилазаара шәрыдгыланы аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу амаҵурауаа ршәарҭадареи иреиҳаӡоу аҩаӡараҿы имҩаԥысуа акыр зҵазкуа аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи ирыдҳәалоу имариам амиссиа анагӡара напхгара ашәҭоит. 

Агәра ганы ҳаҟоуп, аринахысгьы Шәара шәнапхгарала Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура ҳтәыла аҭынчра ахьчара аҿы ишгылазаауа, Аԥсны аҭышәынтәалареи асуверентә ҿиареи ишацхраало, аҳәынҭқарратә хьчара иреиӷьу атрадициақәа реихаҳара шалыршахо.

Дмитри Сергеи-иԥа. Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, аизҳазыӷьара, еицамкуа агәамч, шәнапы злаку Аԥсадгьыл ахьчара иадҳәалоу аус шьахә аҿы аманшәалареи аихьӡара дуқәеи!

© 2024 АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА | ГОСУДАРСТВЕННАЯ СЛУЖБА ОХРАНЫ РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ