Aҩаша, 20 Ԥхынкәын 2022 16:24

АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА АИҲАБЫ АПОЛКОВНИК ДМИТРИ ДБАР АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ШӘАРҬАДАРА АМАҴЗУРА АВЕТЕРАНЦӘЕИ АУСЗУҨЦӘЕИ РЗАНААҬТӘ НЫҲӘА РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ

«Ҳаҭыр зқәу Роберт Витали-иԥа!

Аԥсны аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура ахьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи Шәареи хаҭалатәи аилазаареи аиубилеитә рыцхә – Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аԥҵара 30-шықәса ахыҵра инадаманы адныҳәаларақәа шәыдышәкыл!

Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аԥҵара аҳәынҭқарра ашьақәгылара иадҳәалаз иуадаҩыз аибашьрашьҭахьтәи аамҭазы имҩаԥысуан.

Иахьагьы Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа есыҽны аҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчара, атәылауаа рзакәантә зинқәа рыхьчара  иадҳәалоу ахыдҵақәа нарыгӡоит, иара убас амилаҭтә шәарҭадара иаԥырхагоу ацәырҵрақәа рыԥхьырҟәҟәаара алдыршоит.

Шәара Аԥсны аҳәынҭқарратә шьақәгылара арӷәӷәара, еффективла атерроризм аҿагылара, ҳтәыла ампыҵахалара аганахьала ацәгьоуратә  ҽазышәарақәа рыԥхьырҟәҟәаара, уҳәа аҿы шәлагала ахә ашьара уадаҩуп. Шәмаҵзуратә уалԥшьа анагӡараан Шәара иаашәырԥшыр акәхоит ахаҵара, агәаӷьра, ахьаҳә-хьачарадара, лассы-лассы шәыԥсҭазаареи шәгәабзиареи ашәарҭара иҭазыргыло ахамеигӡара, иара убас азанааҭдырра аҩаӡара ҳаракы. Агәра ганы сыҟоуп, Шәара аринахысгьы аҭакԥхықәра ду зцу шәмаҵура аҿы ишәԥыло ауадаҩрақәа зегьы зеиӷьаҟам ала шәшыриааиуа.

Ари аныҳәа амш аҽны Шәара аԥхьа шәнаргыланы, напхгара зышәҭо хаҭалатәи аилазаара зегьы, иара убас Амаҵзура аветеранцәа аманшәалара, аихьӡара ҿыцқәа, агәабзиара, доусу шәҭаацәарақәа рҿы аҳәоуеиқәшәара, иара убас аизҳазыӷьареи аҭынч ԥсҭазаареи шәзеиӷьасшьоит»,- ҳәа иазгәеиҭеит идныҳәаларатә цҳамҭа аҿы Дмитри Дбар.

© 2024 АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА | ГОСУДАРСТВЕННАЯ СЛУЖБА ОХРАНЫ РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ