Aшәахьа, 27 Жәабран 2023 15:56

АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРАХЬЫ ҾЫЦ ИНЕИЗ АРУАА РЫԤСАДГЬЫЛ ШЫРЫХЬЧО АЗЫ ҬОУБА РУИТ

Жәабран 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзурахьы ҿыц инеиз аруаа Рыԥсадгьыл шырыхьчо азы аҭоуба ашьҭаҵареи  ахысратә бџьар рыҭара ацеремониеи мҩаԥысит.

Аԥсны Аҳәынҭқарратә Ахьчаратә Маҵзурахьы ҿыц инеиз аруаа ироуз абџьар кны Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟи Аԥсны Аҳәынҭқарратә Ахьчаратә Маҵзура абираҟи раԥхьа игыланы, рыдҵаҟаҵаҩцәеи рнапхгаҩцәеи, иара убас рыуацәеи рҭынхацәеи алархәны Рыԥсадгьыл шырыхьчо азы аҭоуба шьҭарҵеит. 

ААМ хаз игоу архәҭа адҵаҟаҵаҩ Рашид Ҭаркьыл ишеиҭаиҳәаз ала, Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзурахьы ҿыц инеиз аруаа ҩымз ирылагӡаны иахысуан аруаҩ қәыԥш иҽазыҟаҵара акурс.

«Есыҽны дара ԥсшьара рхы иамҭакәа, арратә ԥҟаԥҵәа рҵон, хазы игоу адҵақәа нарыгӡон, рымаха-рышьахатә зыҟаҵара аҩаӡара шьҭырхуан. Аҭоуба ашьҭаҵара ашьҭахь арҭ аруаа зыхьчара ҳнапы иану аҳәынҭқарратә обиектқәа рҿы амаҵура рхыргалоит. Ҳара ҿыц иаԥҵоу аилазаара даара ҳгәы иаахәоит. Аруаа ҿарацәа афицарцәа ирҿырҵааз ибзиоу адыррақәеи алшарақәеи рымоуп», – ҳәа иҳәеит иара.

Аныҳәатә церемониа хаҭалатәи аилазаара шьапеиқәыршәала рыиасрала ихыркәшахеит.

© 2024 АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА | ГОСУДАРСТВЕННАЯ СЛУЖБА ОХРАНЫ РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ