Aхәаша, 10 Хәажәкыр 2023 15:54

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРЕИ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ШӘАРҬАДАРА АМАҴЗУРЕИ РНАПХГАҨЦӘА АЛАРХӘНЫ АИЛАТӘАРА МҨАԤИГЕИТ

Аҳәынҭқарра Ахада ахәаша Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аиҳабы Дмитри Дбари Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киути алархәны аусуратә еилатәара  мҩаԥигеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, ҳтәыла аҩныҵҟатәи адәныҟатәи ашәарҭарақәа рҟынтәи ахьчара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы амчратә структурақәа русура аҳәаақәа ирҭагӡоуп, ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Аиԥылара хыркәшо, Аҳәынҭқарра Ахада уажәы Қырҭтәыла имҩаԥысуа ахҭысқәа инарымаданы, Дмитри Дбари Роберт Киути знапхгара рнапы иану амчратә структурақәа хаҭалатәи реилазаарақәа ирӷәӷәоу арежим ала аусурахь рыиагара азы анапынҵақәа риҭеит. 

© 2024 АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА | ГОСУДАРСТВЕННАЯ СЛУЖБА ОХРАНЫ РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ