Aшәахьа, 13 Хәажәкыр 2023 15:47

АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРЕИ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ШӘАРҬАДАРА АМАҴЗУРЕИ АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРЕИ ЕИЦЫНАРЫГӠО АРРАТӘ ЗЫҞАҴАРАҚӘА РҞЫНТӘИ АРЕПОРТАЖ

Аԥсны амчратә структурақәа хԥа – ААМ, АШәА, ААР мҽхакы ҭбаала еицынарыгӡо арратә зыҟаҵарақәа хәажәкырамза 12 ашьыжь шаанӡа арратә техникеи хаҭалатәи аилазаарақәа рыхәҭаки Гал араион ахь адықәҵарала ихацыркын.  Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура, аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Аԥсны Арбџьармчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ Хада, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа идҵа инақәыршәаны, Гал аҳәаа иаԥну аҵакыраҿы еиԥш жәларбжьаратәи аҭагылазаашьеи ирыдҳәаланы иҟалар зылшо еиҳау ашәарҭарақәа зныԥшыз аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа рыпрограмма шьақәдыргылеит.