Aшәахьа, 13 Хәажәкыр 2023 15:45

ДМИТРИ ДБАР: «АДУНЕИ АҾЫ ИҞОУ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АҬАГЫЛАЗААШЬА ИАХЬЫРԤШНЫ ҲАРА ИЗЛАУА АЛА ЛАССЫ-ЛАССЫ АТЕРРОРИСТҾАГЫЛАРАТӘ ҼАЗЫҞАҴАРАҚӘА МҨАԤААГАЛОИТ»

Аԥсны Арбџьармчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ Хада, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа идҵа инақәыршәаны, Хәажәкырамза 12 -14 рзы Гал араион аҿы Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзуреи, Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрреи, Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзуреи хаҭалатәи аилазаарақәа рыла аҵара-ҽазыҟаҵаратә усмҩаԥгатәқәа рынагӡара мҩаԥысуеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аиҳабы, аинрал-маиор Дмитри Дбар иажәақәа рыла, Амчратә маҵзура ҷыдақәа реиҳабацәа аҽазыҟаҵарақәа ирылаху адҵақәа рзыршеит, доусы рҭыԥқәа ддырбеит, урҭ рынагӡаразы иаҭахәу рзеиҭарҳәеит.

«Аҽазыҟаҵарақәа иҟалар зылшо аҭагылазаашьақәа иахьынӡалшо ирзааигәатәтәуп. Аҽазыҟаҵарақәа атеррористҿагыларатә шәарҭара аԥырҟәҟәааразы  есԥшьбарак рзы имҩаԥаагалоит. Араҟа иҟоу иҷыдоу адҵақәа рынагӡара зду аҟәшеиҵақәа иахәҭоу азыҟаҵара рымоуп, урҭ иарбоу азыҟаҵарақәа рынагӡара азы еиқәыршәоуп», – ҳәа иҳәеит Дмитри Дбар.

Дмитри Дбар иажәақа рыла, аҽазыҟаҵарақәа ирылахәу аструктурақәа зегьы русеицура алыршоуп, ауснагӡатәқәа реицынагӡара азԥхьагәаҭоуп.

 «Адунеи аҿы иҟоу жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа иахьырԥшны ҳара ауааԥсыра атерроризм рацәыхьчара иазку амеханизмқәа рышьақәыргылара хықәкыс иҟаҵаны, аринахысгьы излауа ала лассы-лассы атеррористҿагыларатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥаагалоит. 

Аҽазыҟаҵарақәа ирылаху аруаа дара-дара еибадыруазароуп, еиныруазароуп, рҿаԥхьа иқәдыргыло аусқәа еишьашәаланы инарыгӡозароуп», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аиҳабы, аинрал-маиор Дмитри Дбар.

© 2024 АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА | ГОСУДАРСТВЕННАЯ СЛУЖБА ОХРАНЫ РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ