Aҩаша, 09 Лаҵара 2023 15:33

АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА АНАПХГАРА АЏЬЫНЏЬТӘЫЛАТӘИ ЕИБАШЬРА ДУӠӠА АВЕТЕРАН МАРИА ЛОМАКИНА ЛИРА АМШ ИНАМАДАНЫ ИЛЫДНЫҲӘАЛЕИТ

Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аиҳабы, аинрал-маиор Дмитри Дбар инапынҵала, ААМ амаҵзуҩцәа Мариа Ломакина 95-шықәса лхыҵра лыдырныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Мариа Филипп-иԥҳа! Ишәыдышәкыл Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа нҵәеижьҭеи 78-шықәса аҵра инамаданы гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәалара. Аиааира Амш – ҳара зегьы ҳзы Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ҳаҭырла ргәалашәара иазку акыр зҵазкуа ныҳәаны иҟоуп.  Уи хацәнымырха, фырхаҵарыла аибашьра адәаҿы еибашьуази, ааԥсарак ҟамҵакәа атыл аҿы акыр иззыԥшыз аиааира Амш Дуӡӡа зырааигәози ргәалашәара Амш ауп!

Шәара атәыла ахьчаразы хаҭала иаашәырԥшыз афырхаҵареи агәеицамкреи Аԥсадгьыл гәык-ԥсыкала амаҵ ауреи абзиабареи зырҵабыргуа хра злоу ҿырԥшны иҟоуп. 

Ҳара иҭахаз ргәалашәара наунагӡа ҳгәаҵаҿы иҟоуп, Шәара идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит ҳхақәиҭреи ҳхьыԥшымреи рыхьчараҿы ишәылшәыршаз азы

Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, анасыԥ, аманшәалара, аҭынчра, ахирра, ашықәснҵыра ду, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш лаша азы агәыӷра!

Аиааара Дуӡӡа Амш шәадныҳәалаз!

Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аиҳабы, аинрал-маиор Дмитри Сергеи-иԥа Дбар».

© 2024 АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА | ГОСУДАРСТВЕННАЯ СЛУЖБА ОХРАНЫ РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ