Aсабша, 20 Лаҵара 2023 10:05

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ШӘАРҬАДАРА АМАҴЗУРА ИҶЫДОУ АДҴАҚӘА РЫНАГӠАРАЗЫ АОТРИАД АҼАЗЫҞАҴАРАҚӘА РЦЕНТР 25 ШЫҚӘСА АХЫҴИТ

Лаҵарамза 19 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Иҷыдоу адҵақәа рынагӡаразы аотриад аҽазыҟаҵарақәа Рцентр даҭааит. Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Иҷыдоу адҵақәа рынагӡаразы аотриад аҽазыҟаҵарақәа Рцентр 25-шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит. 

Аныҳәатә церемониа ашьҭахь, Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Иҷыдоу адҵақәа рынагӡаразы аотриад аҽазыҟаҵарақәа Рцентр аусзуҩцәа Аҳәынҭқарра Ахада ахысрақәеи аԥырҩыдатә аппаратқәагьы уахь иналаҵаны, авиациатә техника алархәны аҿырԥшыгатә комплекстә усмҩаԥгатә идырбеит. 

© 2024 АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА | ГОСУДАРСТВЕННАЯ СЛУЖБА ОХРАНЫ РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ