Aҩаша, 27 Рашәара 2023 10:05

АСЛАН БЖЬАНИА АМЧРАТӘ СТРУКТУРАҚӘА РНАПХГАҨЦӘА АЛАРХӘНЫ АУСУРАТӘ ЕИЛАЦӘАЖӘРА МҨАԤИГЕИТ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит. Араҟа ирылацәажәеит аоппозициа имҩаԥнагараны иҟоу амитинг аан ауаажәларра ршәарҭадара аиҿкаара.

«Амчратә усбарҭақәа рнапы ианысҵоит азакәан инақәыршәаны рхы мҩаԥыргаларц, иарбанызаалак азинеилагарақәеи аичырчарақәеи рҽырцәырыхьчаларц, иаҭахханы иҟалар азакәан ишахәҭо рхы мҩаԥыргаларц», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

© 2024 АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА | ГОСУДАРСТВЕННАЯ СЛУЖБА ОХРАНЫ РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ