Aҧшьаша, 15 Рашәара 2023 10:05

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА АИҲАБЫ, АИНРАЛ–МАИОР ДМИТРИ ДБАР АМАҴЗУРА АКОЛЛЕКТИВИ АВЕТЕРАНЦӘЕИ ААМ АԤҴАРА АМШ РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ

Рашәарамза 15 рзы рзанааҭтә ныҳәа азгәарҭоит Аԥсны аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аусзуҩцәа.  ААМ аиҳабы, аинрал-маиор Дмитри Дбар Амаҵзура аусзуҩцәеи аветеранцәеи дрыдныҳәалеит.

«Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Аҳәын-ҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аԥҵара Амшныҳәа! Ари азанааҭтә ныҳәа зхазы имариам, аҭакԥхықәра ду зцу аусура алызхыз, ҳҳәынҭқарреи ҳауаажәлари аҩныҵҟатәи адәныҟатәи ашәарҭарақәа рацәыхьчараҿы зхы иамеигӡо, хьаҳә-хьачарада атерроризм иаҿагыло ауаа рзанааҭтә ныҳәа ауп.

Атәыла иҿыцӡоу аҭоурых зегьы иалагӡаны Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура атәыла агәыӷырҭа акәны иҟан. Ҳара аиашазы хацәнымырха Зыԥсадгьыл амаҵзура иазызкыз, ҳтәыла аилабгара зҽазызшәоз рыгәҭакқәа рыԥхьырҟәҟәаара зылшаз ауаа ҳрызгәдууп.

Ари амш аҽны – зегьы реиҳа ажәа ҟәандақәа зызку ҳветеранцәа роуп.  Шәара шәзанааҭдырра, шәыгәаӷьра, шәеицамкра, шәхамеигӡара иахьа Ареспублика анапхгара ашәарҭадареи Аԥсны ауаажәларратәи амилаҭтәи аинтересқәа рыхьчареи рзы игылоу рзы есымша хра злоу ҿырԥшны иҟазаауеит.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аусзуҩцәа даара рҽазҵәылхны аус руеит. Иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп Амаҵзура аусзуҩцәа русдырреи рфырхаҵареи рзы, зыԥшра ҟамҵакәа, аҭагылазаашьақәа ирызхьамԥшыкәа  зегьы реиҳа иуадаҩу ахыдҵақәа рыӡбара иахьазхиоу азы». 

© 2024 АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА | ГОСУДАРСТВЕННАЯ СЛУЖБА ОХРАНЫ РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ