Aҧшьаша, 15 Рашәара 2023 10:05

АМЦАХАРА: АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА АԤҴАРА – АТӘЫЛА АҬОУРЫХ АҾЫ АКЫР ЗҴАЗКУА ХҬЫСНЫ ИҞАЛЕИТ

Аполитикатә партиа «Амцахара» Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура анапхгара, хаҭалатәи аилазаара, аветеранцәа Аԥсны ААМ аԥҵара 30-шықәса ахыҵра инамаданы ирыдныҳәалеит.

Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура Аԥсны азы иуадаҩыз аамҭа азы – рашәарамза 1992 шықәсазы иаԥҵан. Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аԥҵара  - атәыла аҭоурых аҿы акыр зҵазкуа хҭысны иҟалеит. Ари амаҵзура, иара убас ҳҳәынҭқарра ахьыԥшымра атрибутқәа иреиуоуп. 

ААМ – ареспублика иреиҳаӡоу амаҵурауаа, иара убас акыр зҵазкуа жәларбжьаратәи аусмҩаԥгатәқәеи аҳәынҭқарратә обиектқәеи  ршәарҭадара иахылаԥшуа аструктура ауп.

Иахьа Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аколлектив ибзиоу азыҟаҵара аарԥшуа амаҵзура аҿаԥхьа иқәыгылоу азҵаарақәа зегьы ишахәҭоу ала рыӡбара алнаршоит.   

Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура хаҭалатәи аилазаара ауалԥшьа анагӡара ҭакԥхықәрала иазнеиуеит, агәра ганы ҳаҟоуп уи аринахысгьы Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аусзуҩ ихьӡ ҳаракы анагӡара шалшо. 

Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура анапхгареи хаҭалатәи аилазаареи Амаҵзура аветеранцәеи ирзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, аҟәыӷареи агәаӷьреи агәымшәареи!

© 2024 АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА | ГОСУДАРСТВЕННАЯ СЛУЖБА ОХРАНЫ РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ