Aшәахьа, 11 Ԥхынкәын 2023 14:48

ДМИТРИ ДБАРИ РОБЕРТ КИУТИ ҲАҬЫР ЗҚӘУ АСАСЦӘА РАҲАСАБАЛА РХЫ АЛАДЫРХӘУЕИТ УРЫСТӘЫЛАТӘ АШӘАРҬАДАРА АУСБАРҬАҚӘА РУСЗУҨ ИМШ ИАЗКУ АНЫҲӘАТӘ АНАПЫЛАМПЫЛТӘ ТУРНИР ААРТРА


Декабр 11 Шәача ақалақь аҟны ихацырхеит Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭадара Аусбарҭақаәа русзуҩ Имш иазку анапылампыл азы аицлабра.


Ҳаҭыр зқәу асасцәа раҳасабала аицлабра аартрахь инаҧхьан Аҧсны ахьчара Аҳәынҭқарратә маҵзура аиҳабы Дмитри Дбар, Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, амилициа аинрал-маиор Роберт Киут.
Атурнир рхы аладырхәуеит акомандақәа жәаба инареиҳаны. Убарҭ рхыҧхьаӡраҿы - аҩныҵҟатәи аусурақәеи Аҳәынҭмаҵзура ахьчареи ркомандақәа, ФСБ, ФСО, Шәача ақалақь амчратә усҳәарҭақәа ркомандақәа.
Иара убас асасцәа рхыҧхьаӡараҿ иҟоуп Краснодартәи атәылаҿацә ақалақь-курорт Шәача ахада Алексеи Копаигородски, агәыҧ "Динамо" Шәачатәи ақалақьтә еиҿкаара ахантәаҩы Сергеи Огурцов, амчратә усҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа

© 2024 АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА | ГОСУДАРСТВЕННАЯ СЛУЖБА ОХРАНЫ РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ