Aшәахьа, 11 Ԥхынкәын 2023 17:58

АҦСНИ УРЫСТӘЫЛЕИ РЫМЧРАТӘ УСҲӘАРҬАҚӘА РЫБЖЬАРА АНАПЫЛАМЫЛ АЗЫ АТУРНИР ГӘЫРӶЬАРАЛА ААРТРАҾЫ АҦСЫ АХЬЧАРА АҲӘЫНҬМАҴЗУРА АИҲАБЫ ДМИТРИ ДБАР ИИҲӘАЗ АДНЫҲӘАЛАРАТӘ АЖӘА

 

«Акыр иаҧсоу аҩызцәа! Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭадара аусбарҭақәа русзуҩ Имш иазку анапылампыл азы атурнир иалахәқәоу, асасцәа зегьы сшәыдныҳәалоит.

Уаҩы деигәырӷьоит раҧхьаӡа акәны атурнир иахьалахәу Аҧсны Аҳәынҭқарра аҟнытә акоманда. Агәра згоит, иахьа ашьапы шаҳкыз атрадициа ҿыц, уи жәаҳәарада, анырра бзиа ҟанаҵоит ҳтәылақәа рымчратә усбарҭақәа русеицура арҿиара ашҟа, иара убас ишьақәгылахьоу аустә, аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа реиқәырхара, ҳақәгәыӷуеит ҳаҧхьаҟагьы лыҵшәабзиала аусеицурақәа.

Агәра ганы сыҟоуп, абысҟаҟ зымҽхак ҭбаау ахҭыс аспрт аларҵәара, аҧсҭазаара зҩыда рылааӡара, ламысцқьала аицлабра ишацхраауа.

Акырӡа аҵанакуеит ҳәа исыҧхьаӡоит еснагь атурнир амҩаҧгара аан ҧсахра зқәым прицип хадақәаны ишаанхауа: аспорттә традициақәа реиҧымҟьара, аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа шьаҭас измоу аицлабрақәа.

Агәра ганы сыҟоуп уажәтәи аицлабрагьы убас ишыҟало.

Атурнир иалахәу ирзеиӷьысшьоит аиааирақәа, агәабзиара ӷәӷәа".

© 2024 АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА | ГОСУДАРСТВЕННАЯ СЛУЖБА ОХРАНЫ РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ