
Super User
АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА ХАҬАЛАТӘИ АИЛАЗААРЕИ АНАПХГАРАҬАРЕИ АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИДЫРЫМ АСОЛДАҬ ИБАҞА АМҴАН АШӘҬ ШЬЫҴӘРАҚӘА ШЬҬАРҴЕИТ
Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аиҳабы, аинрал-маиор Дмитри Дбар зхадараҿы дыҟоу ААМ аусзуҩцәа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 78 - шықәса инамаданы Аҟәа ақалақь аҿы Идырым Асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа рхы аладырхәит.
АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА АУСЗУҨЦӘА АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИГЫЛОУ СЕРГЕИ ДБАР ИБАҞА АМҴАН АШӘҬ ШЬЫҴӘРАҚӘА ШЬҬАРҴЕИТ
Иналукааша ар рыԥхьагыла, Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант Сергеи Платон-иԥа Дбар диижьҭеи 77-шықәса аҵра инамаданы, Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аусзуҩцәа уи ҳаҭырла дыргәаладыршәеит, аҳҭнықалақь Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы игылоу афырхаҵа ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Сергеи Дбар иналукааша ар рыԥхьагыла иакәын, иара Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан аԥснытәи архәҭақәа рырратә ҿагылара анапхгараҭара ихахьы игеит, иара афронт адҵаҟаҵаҩыс дыҟан, иара убас аштаб Хада анапхгаҩыс.
ДМИТРИ ДБАР: «АДУНЕИ АҾЫ ИҞОУ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АҬАГЫЛАЗААШЬА ИАХЬЫРԤШНЫ ҲАРА ИЗЛАУА АЛА ЛАССЫ-ЛАССЫ АТЕРРОРИСТҾАГЫЛАРАТӘ ҼАЗЫҞАҴАРАҚӘА МҨАԤААГАЛОИТ»
Аԥсны Арбџьармчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ Хада, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа идҵа инақәыршәаны, Хәажәкырамза 12 -14 рзы Гал араион аҿы Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзуреи, Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрреи, Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзуреи хаҭалатәи аилазаарақәа рыла аҵара-ҽазыҟаҵаратә усмҩаԥгатәқәа рынагӡара мҩаԥысуеит.
АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРЕИ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ШӘАРҬАДАРА АМАҴЗУРЕИ АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРЕИ ЕИЦЫНАРЫГӠО АРРАТӘ ЗЫҞАҴАРАҚӘА РҞЫНТӘИ АРЕПОРТАЖ
Аԥсны амчратә структурақәа хԥа – ААМ, АШәА, ААР мҽхакы ҭбаала еицынарыгӡо арратә зыҟаҵарақәа хәажәкырамза 12 ашьыжь шаанӡа арратә техникеи хаҭалатәи аилазаарақәа рыхәҭаки Гал араион ахь адықәҵарала ихацыркын. Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура, аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Аԥсны Арбџьармчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ Хада, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа идҵа инақәыршәаны, Гал аҳәаа иаԥну аҵакыраҿы еиԥш жәларбжьаратәи аҭагылазаашьеи ирыдҳәаланы иҟалар зылшо еиҳау ашәарҭарақәа зныԥшыз аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа рыпрограмма шьақәдыргылеит.
ГАЛ АРАИОН АҾЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРЕИ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ШӘАРҬАДАРА АМАҴЗУРЕИ АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРЕИ ЕИЦЫНАРЫГӠО АРРАТӘ ЗЫҞАҴАРАҚӘА ИРЫЛАГЕИТ
Аԥсны Адҵаҟаҵаҩ Хада, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵа инақәыршәаны, Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзуреи, Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрреи, Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзуреи хаҭалатәи аилазаарақәа рыла аҵара-ҽазыҟаҵаратә усмҩаԥгатәқәа рынагӡара мҩаԥысуеит.
АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРЕИ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ШӘАРҬАДАРА АМАҴЗУРЕИ РНАПХГАҨЦӘА АЛАРХӘНЫ АИЛАТӘАРА МҨАԤИГЕИТ
Аҳәынҭқарра Ахада ахәаша Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аиҳабы Дмитри Дбари Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киути алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРАХЬЫ ҾЫЦ ИНЕИЗ АРУАА РЫԤСАДГЬЫЛ ШЫРЫХЬЧО АЗЫ ҬОУБА РУИТ
Жәабран 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзурахьы ҿыц инеиз аруаа Рыԥсадгьыл шырыхьчо азы аҭоуба ашьҭаҵареи ахысратә бџьар рыҭара ацеремониеи мҩаԥысит.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә Ахьчаратә Маҵзурахьы ҿыц инеиз аруаа ироуз абџьар кны Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟи Аԥсны Аҳәынҭқарратә Ахьчаратә Маҵзура абираҟи раԥхьа игыланы, рыдҵаҟаҵаҩцәеи рнапхгаҩцәеи, иара убас рыуацәеи рҭынхацәеи алархәны Рыԥсадгьыл шырыхьчо азы аҭоуба шьҭарҵеит.
ДМИТРИ ДБАР АИНРАЛ-МАИОР ҲӘА АРРАТӘ ХЬӠЫ ИАНАШЬОУП
Аԥсны Адҵаҟаҵаҩ Хада, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҭижьыз Аусԥҟа инақәыршәаны, Аҳәынҭқарратә Ахьчаратә Маҵзура аиҳабы Дмитри Сергеи-иԥа Дбар «Аинрал-маиор» ҳәа изаамҭанытәиу иҷыдоу арратә хьӡы ианашьоуп. Аусԥҟа анапаҵыҩра ҟалаанӡа иара аполковник ҳәа ахьӡ иман.
АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ИКОРТЕЖ АВТОМАШЬЫНАҚӘА РСАРКЬАҚӘА РЫԤШШӘАХӘЫРКРА АМХРА МҨАԤЫСИТ
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵа анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аиҳабы Дмитри Дбар идҵа инақәыршәаны аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аусзуҩцәа Аҳәынҭқарра Ахада ихатәы хьчара ахархәараҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура Актәи аҟәша амаҵзуратә машьынақәа рыԥшшәахәыркра амхра мҩаԥыргеит.
АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА АИҲАБЫ АПОЛКОВНИК ДМИТРИ ДБАР АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ШӘАРҬАДАРА АМАҴЗУРА АВЕТЕРАНЦӘЕИ АУСЗУҨЦӘЕИ РЗАНААҬТӘ НЫҲӘА РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ
«Ҳаҭыр зқәу Роберт Витали-иԥа!
Аԥсны аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура ахьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи Шәареи хаҭалатәи аилазаареи аиубилеитә рыцхә – Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аԥҵара 30-шықәса ахыҵра инадаманы адныҳәаларақәа шәыдышәкыл!
Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аԥҵара аҳәынҭқарра ашьақәгылара иадҳәалаз иуадаҩыз аибашьрашьҭахьтәи аамҭазы имҩаԥысуан.