Аԥсны аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аиҳабы, аинрал-маиор Дмитри Дбар идҵа ала, Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аҟәшеиҵақәеи хаҭалатәи аилазаареи ирӷәӷәоу аусура арежим ахь ииагоуп. Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура хаҭалатәи аилазаара аҳәынҭқарратә шьақәгылареи ауаажәларратә шәарҭадареи ирҿагыло ацәгьоурақәа  оперативла аҭак аҭара азы адҵа роуит.

Рашәарамза 15 рзы рзанааҭтә ныҳәа азгәарҭоит Аԥсны аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аусзуҩцәа.  ААМ аиҳабы, аинрал-маиор Дмитри Дбар Амаҵзура аусзуҩцәеи аветеранцәеи дрыдныҳәалеит.

Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!

Ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа – Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аԥҵоуижьҭеи 31 шықәса аҵра.

Аполитикатә партиа «Амцахара» Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура анапхгара, хаҭалатәи аилазаара, аветеранцәа Аԥсны ААМ аԥҵара 30-шықәса ахыҵра инамаданы ирыдныҳәалеит.

Лаҵарамза 19 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Иҷыдоу адҵақәа рынагӡаразы аотриад аҽазыҟаҵарақәа Рцентр даҭааит. Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Иҷыдоу адҵақәа рынагӡаразы аотриад аҽазыҟаҵарақәа Рцентр 25-шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит. 

Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аиҳабы, аинрал-маиор Дмитри Дбар зхадараҿы дыҟоу ААМ аусзуҩцәа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш  78 - шықәса инамаданы Аҟәа ақалақь аҿы Идырым Асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа рхы аладырхәит.

Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аиҳабы, аинрал-маиор Дмитри Дбар инапынҵала, ААМ амаҵзуҩцәа Мариа Ломакина 95-шықәса лхыҵра лыдырныҳәалеит.

© 2024 АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА | ГОСУДАРСТВЕННАЯ СЛУЖБА ОХРАНЫ РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ