АСЛАН БЖЬАНИА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА АУСЗУҨЦӘА РЗАНААҬТӘ НЫҲӘА РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ
АМЦАХАРА: АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА АԤҴАРА – АТӘЫЛА АҬОУРЫХ АҾЫ АКЫР ЗҴАЗКУА ХҬЫСНЫ ИҞАЛЕИТ
АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ШӘАРҬАДАРА АМАҴЗУРА ИҶЫДОУ АДҴАҚӘА РЫНАГӠАРАЗЫ АОТРИАД АҼАЗЫҞАҴАРАҚӘА РЦЕНТР 25 ШЫҚӘСА АХЫҴИТ
Лаҵарамза 19 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Иҷыдоу адҵақәа рынагӡаразы аотриад аҽазыҟаҵарақәа Рцентр даҭааит. Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Иҷыдоу адҵақәа рынагӡаразы аотриад аҽазыҟаҵарақәа Рцентр 25-шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит.
АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА АУСЗУҨЦӘА АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИГЫЛОУ СЕРГЕИ ДБАР ИБАҞА АМҴАН АШӘҬ ШЬЫҴӘРАҚӘА ШЬҬАРҴЕИТ
Иналукааша ар рыԥхьагыла, Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант Сергеи Платон-иԥа Дбар диижьҭеи 77-шықәса аҵра инамаданы, Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аусзуҩцәа уи ҳаҭырла дыргәаладыршәеит, аҳҭнықалақь Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы игылоу афырхаҵа ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Сергеи Дбар иналукааша ар рыԥхьагыла иакәын, иара Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан аԥснытәи архәҭақәа рырратә ҿагылара анапхгараҭара ихахьы игеит, иара афронт адҵаҟаҵаҩыс дыҟан, иара убас аштаб Хада анапхгаҩыс.
АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРЕИ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ШӘАРҬАДАРА АМАҴЗУРЕИ АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРЕИ ЕИЦЫНАРЫГӠО АРРАТӘ ЗЫҞАҴАРАҚӘА РҞЫНТӘИ АРЕПОРТАЖ
Аԥсны амчратә структурақәа хԥа – ААМ, АШәА, ААР мҽхакы ҭбаала еицынарыгӡо арратә зыҟаҵарақәа хәажәкырамза 12 ашьыжь шаанӡа арратә техникеи хаҭалатәи аилазаарақәа рыхәҭаки Гал араион ахь адықәҵарала ихацыркын. Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура, аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Аԥсны Арбџьармчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ Хада, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа идҵа инақәыршәаны, Гал аҳәаа иаԥну аҵакыраҿы еиԥш жәларбжьаратәи аҭагылазаашьеи ирыдҳәаланы иҟалар зылшо еиҳау ашәарҭарақәа зныԥшыз аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа рыпрограмма шьақәдыргылеит.