Иахьа 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра алагеижьҭеи  31-шықәса ҵит. 

Ҳаҭыр зқәу Дмитри Сергеи-иԥа!

Азин ҳашәҭозар, Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аколлектив ду ахьӡала шәира Амш шәыдаҳныҳәаларц ҳҭахуп! 

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит. Араҟа ирылацәажәеит аоппозициа имҩаԥнагараны иҟоу амитинг аан ауаажәларра ршәарҭадара аиҿкаара.

Аԥсны аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аиҳабы, аинрал-маиор Дмитри Дбар идҵа ала, Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аҟәшеиҵақәеи хаҭалатәи аилазаареи ирӷәӷәоу аусура арежим ахь ииагоуп. Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура хаҭалатәи аилазаара аҳәынҭқарратә шьақәгылареи ауаажәларратә шәарҭадареи ирҿагыло ацәгьоурақәа  оперативла аҭак аҭара азы адҵа роуит.

Аполитикатә партиа «Амцахара» Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура анапхгара, хаҭалатәи аилазаара, аветеранцәа Аԥсны ААМ аԥҵара 30-шықәса ахыҵра инамаданы ирыдныҳәалеит.

Рашәарамза 15 рзы рзанааҭтә ныҳәа азгәарҭоит Аԥсны аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аусзуҩцәа.  ААМ аиҳабы, аинрал-маиор Дмитри Дбар Амаҵзура аусзуҩцәеи аветеранцәеи дрыдныҳәалеит.

Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!

Ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа – Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аԥҵоуижьҭеи 31 шықәса аҵра.

© 2026 АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА | ГОСУДАРСТВЕННАЯ СЛУЖБА ОХРАНЫ РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ