Aхаша, 15 Рашәара 2022 10:05
АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА АԤҴАРА, АШЬАҚӘГЫЛАРА АҬОУРЫХИ АҾИАРА АПЕРСПЕКТИВАҚӘЕИ ИРЫЗКУ АФИЛЬМ
Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура ашьақәгылара шымҩаԥысуаз, аструктура аԥҵара ахыҵхырҭаҿы игылаз, Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аусзуҩцәа рҿаԥхьа иқәнаргыло ахыдҵақәа, насгьы Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура уажәтәи анапхгараҭара аусураҿы хықәкқәас иқәнаргылои ртәы аҳәоит Аԥсны амчратә структура аԥҵара 30-шықәса ахыҵра иазку афильм аҿы.
Aхаша, 18 Лаҵара 2022 09:57
АЗИНХЬЧАРАТӘ УСБАРҬАҚӘА РКООРДИНАЦИАТӘ ЕИЛАТӘАРА МҨАԤЫСИТ
Аҳҭнықалақь апрокуратура аҿы имҩаԥысит азинхьчаратә усбарҭақәа Ркоординациатә еилатәара. Уи рхы аладырхәит Аԥсны апрокурор Хада Адгәыр Агрба, арратә прокурор Руслан Ҭарба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба. Аҳәынҭқарратә Ахьчаратә Маҵзура аиҳабы Дмитри Дбар, Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мсоусҭ Шамба.